Мадуро мҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигоит

Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит 2019-2025 шықәса рзы атәыла ахадас дыҟанаҵы Венесуела ар рымч ирӷәӷәарц игәы ишҭоу.
Sputnik

АҞӘА,  жәабран 11 — Sputnik. Венесуела ахада Николас Мадуро атәылаҟны зеиԥш ҟамлацыз арратә ҽазыҟаҵарақәа "Двухсотлетие Ангостуры 2019" мҩаԥигеит. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхеит ар реиԥш аграждантә уааԥсырагьы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аҽазыҟаҵарақәа раԥхьа Мадуро Каракас ааигәаратәи аштат Миранда днеины ибеит уа игыло ар ргарнизон.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жәабран 10 - 15 рзы. Атәыла ахада ишиҳәаз ала, арҭ аҽазыҟаҵарақәа иреиԥшу аҵыхәтәантәи 200-шықәса рыҩныҵҟа имҩаԥымсыцт.

Мадуро игәаанагарала Америка аԥырхагоуп аоппозициеи иареи реицәажәара

Дара азкуп  жәабран 15, 1819 шықәса рзы Симон Боливар иаԥшьгарала еиҿкааз Ангостуртәи аконгресс ҩышә шықәса ахыҵра.

Ангостуртәи аконгресс Венесуела ахьыԥшымра рыланаҳәеит аҽазныкгьы (уаанӡа иара рыларҳәахьан 1811; 1813 шықәсқәа рзы), Боливаргьы ареспублика ахадас ҳәа ихьӡ рҳәеит.

Венесуела ажьырныҳәа 21 рзы Николас Мадуро иҿагылоз акциақәа ирылагеит. Аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 рзы аҳәынҭқарра ахада ҳәа ихы рылеиҳәеит.

Урыстәыла Мадуро ишидгыло атәы рҳәеит.

Иахьазы ЕАШ, Бразилиа, Канада, Аргентина, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла, Албаниа Гуаидо адгылара ирҭоит.