Венесуела аметеорит каҳаит

Венесуелатәи амассатә-информациатә хархәагақәа иҟарҵо адыррақәа рыла, аметеорит акаҳара убарҭан Каракас, Карабобо, Арагуа, Гуарико ақалақьқәа рҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik. Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырган Венесуела иахьаҵанакуа аметеорит акаҳара. Венесуелатәи АИХ иҟарҵо адыррақәа рыла, аметиорит акаҳара убарҭан Каракас, Карабобо, Арагуа, Гуарико аҭыԥқәа рҟынтәи.

Иҭыху акадрқәа рҿы ибзианы иубарҭоуп аметеорит атмосфераҿ амца акны ишбылуа, ишылашо, нас алапԥшҳәаа иахысны ишыӡуа.