Сҭампыл арратә вертолиот каҳаит

Иҟоу адыррақәа рыла, авертолиот акаҳара мзызны иамоу иара атехникатә еиқәымшәароуп.
Sputnik

 

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Сҭамԥыл, Чекмекеи араион аҿы арратә вертолиот каҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал NTV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Авертолиот акаҳараан ахәрақәа роуит ԥшьҩык аруаа ҳәа азгәеиҭеит Сҭамԥыл агубернатор Али Ерликаиа.

"Авертолиот акаҳараан ахәрақәа зауз ԥшьҩык аруаа ахәышәтәырҭахь инагоуп", - ҳәа иҳәоит Ерликаиа Twitter аҿы.

Ахҭыс ахьыҟалаз аусура иаҿуп ацхыраара ласы абригадақәа, амцарцәаҩцәа.

Ҭырқәтәылатәи аинформациатә хархәагақәа иҟарҵо адыррақәа рыла, авертолиот акаҳара мзызны иамоу иара атехникатә еиқәымшәароуп.