ЕАА Урыстәыла асанкциақәа рхыхра шалымшо атәы рҳәеит

Вашингтон ахаангьы Ҟрым Урыстәыла адлара изадгылом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҟоу Еиду Америкатәи аштатқәа рхаҭарнак Џьонатан Коуен.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Вашингтон агәы иҭоуп Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа шыҟоу иааннажьырц Ҟрым Украина иахәҭакны иҟалаанӡа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы ЕАМ аҟны иҟоу ЕАА рхаҭарнак Џьонатан Коуен.

Ҟрым аиҳабыра НАТО аӷбақәа Азовтәи амшын аҟны иҟамзароуп ҳәа ахырҳәааит

Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ԥшьышықәса рхыҵра далацәажәо, Москва ахь ааԥхьара ҟаиҵеит урҭ ишахәҭоу еиԥш инанагӡаларц.

"Урыстәыла ари аимак аҵыхәа ԥнаҵәароуп", - ҳәа РИА Новости Коуен иажәақәа аанагоит.

Коуен иара убасгьы иҳәеит Донбасс урыстәылатәи аруааи атехникеи гылоуп ҳәа. Украина ахаҭарнак Владимир Ельченкогьы убарҭ ажәақәа иршаҳаҭит. ОБСЕ ахылаԥшратә миссиа аиҳабы Ертугрул Апакан уи аинформациа иашам ҳәа ахиҳәааит.