Қырҭтәыла НАТО алианс ишалалаша атәы иалацәажәеит

НАТО иҟоу ЕАА ахаҭарнак ҷыда Кеиа Хатчисон Қырҭтәыла Аҩадатлантикатәи алианс иалалар ауеит "германиатәи амодель" инақәыршәан лҳәеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. НАТО иҟоу ЕАА ахаҭарнак ҷыда Кеиа Хатчисон Қырҭтәыла Аҩадатлантикатәи алианс иалалар ауеит "германиатәи амодель" инақәыршәаны, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны иҟоу аҭагылазаашьа иахьмырԥшыкәа лҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара сгәаанагарала Қырҭтәыла ахаҭа иаӡбароуп мҩас иалнахуа. Ари НАТО иҟанаҵо ажәадгала акәӡам, ари Қырҭтәыла иҟанаҵо алхроуп", - ҳәеит лара ЕАШ арратә мчрақәа Европа рнапхгаҩыс иҟаз Бен Ходжес иажәақәа, "ГДР асовет ар шгылазгьы аамҭак азы ФРГ НАТО ахь ирыдкылан" ҳәа ииҳәаз ахҳәаа аҭо.

Қырҭтәылеи НАТОи реинырра хацыркхеит 1994 шықәса рзы, атәыла апрограмма "Партнерство ради мира" ианалахәылаха ашьҭахь. 2004 шықәсазтәи аиҭакрақәа рышьҭахь ари аинырра еиҳагьы аҽарҭбааит.

2008 шықәса рзы Бухарест имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы иҳәан Қырҭтәыла ԥхьаҟа алианс иалахәылахар ҟалоит ҳәа.