Трамп игәҭакуп Мексика аҳәааҿы аҭагылазаашьа ҷыда алаигаларц

Абиуџьет аҟынтәи иазоурышьҭраны иақәшаҳаҭуп 1,4 миллиард доллар, Трамп дызҳәоз 5,7 миллиард рцынхәрас. Арҭ аҳәоуеиқәымшәарақәа  35-мштәи абиуџьеттә кризис ахь икылнагеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ Сара Сандерс аҳәамҭа ҟалҵеит Дональд Трамп абиуџьет инапы аҵаиҩуеит иара убри аамҭазы Мексика аҳәааҿы аҭагылазаашьа ҷыда алеигалоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Трамп аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәоит аҭӡы ширгыло, аҳәааи атәылеи рҭагылазаашьа уи ала ишҭышәынтәалахо", - лҳәеит Сандерс.

Адемократцәа рԥыжәаҩ Ненси Пелоси илҳәеит аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар Дональд Трамп дизашшыр шауа.

"Уи ада ԥсыхәа ҟамлар ҟалоит. Зегьы еилышәкаауеит аҭагылазаашьа ҷыда алагалара ада ԥсыхәа ыҟамкәа ишыҟам", - ҳәа ралҳәеит лара ажурналистцәа.

Трамп дақәшаҳаҭхеит Венесуелатәи аусқәа ЕАШ шалаҟьышьу азы

Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ Сара Сандерс лакәзар илҳәеит ахада Иусбарҭа аӡбарҭаҿ ақәгылара ишазыхио.

"Атәыла ахада иус наигӡоит. Аконгресс иара аус нанагӡалароуп", - лҳәеит лара.

Уи адагьы Сара Сандерс иӡылыргеит Дональд Трамп ЕАШ ажәлар рахь амилаҭтә шәарҭадареи Мексика аҳәааҿы агуманитартә кризиси рганахь ала иҟаиҵараны иҟаз аҳәамҭа.

Абри аамҭа зегь аан ЕАШ афедералтә усҳәарҭақәа рыбжак иркьаҿу аграфик ала аус руан. Улафахәыда аус руан 800 нызқьҩык рҟынӡа аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа.

Абри аҩыза шьақәгылан иҟан Мексика аҳәааҿы аҭӡы аргылара иацыз аимак-аиҿак иахҟьаны.

Аҭӡы аргылара изакәаным амиграциа аанкылара иазырхоуп. Иара Трамп иалхраан иқәиргылоз азҵаарақәа ируакуп.