Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Афганисҭантәи адокументқәа амаӡара рыхнахит

Ҩажәижәаба шықәса раԥхьа, жәабран 15, 1989 шықәса рзы СССР арратә контингент Афганисҭанынтәи иалнагеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Афганисҭантәи адокументқәа амаӡара рыхнахит СССР арратә контингент Афганисҭанынтәи ралҵра ҩажәижәаба шықәса ахыҵра иазкны. Аусбарҭа аофициалтә саит аусура иаланаргеит апроект, зыҟны арратә ҭоурыхқәа рыӡбахә ҳәо.

Амаӡара зхыху адокументқәа рҿы еиҭаҳәоуп асовет ар рҿаԥхьа иқәгылаз ауснагӡатәқәа, урҭ рымҩаԥгашьа, асолдаҭцәа рҭоурых уҳәа жәпакы адыррақәа.

Палаванӡиа Афганистан аибашьра иазкны: ицәгьоуп уҭаацәа хара ианыҟоу еибашьра

Асаит аҿы иалацәажәоуп асовет ари аҭынч уааԥсыреи реизыҟазаашьагьы.

Аинтерес ҷыда рыҵоуп аибашьра алахәылацәа  рҭаҩратә шәҟәқәа.

Ҩеижәижәаба шықәса раԥхьа, жәабран 15, 1989 шықәса рзы СССР арратә контингент Афганисҭанынтәи иалнагеит. Аибашьрагьы аҵыхәтәантәи амш акәны иԥхьаӡахеит.