Аҩӡба "Дәрыԥшьтәи аизара ду" иазкны: инагӡаны иҭҵаатәуп
© Sputnik
Мыш рацәа ицоз аизара зыхҟьаз ауаажәлар аколхоз ахьырҭахымыз мацара акәымызт, Қырҭтәыла алалара иахьаҿагылозгьы ауп ҳәа иԥхьаӡоит аҭоурыхҭҵааҩ.
"Аизара Дәрыԥшь имҩаԥгатәуп ҳәа ацәажәара ахьцәырҵыз Лыхны ақыҭан аԥсхәрак аҟны ауп, уи амза 14 рзы акәын. Аколхоз ҳақәнагеит ас аҭагылазаашьа ҟалом ҳәа ацәажәара ахы ыҵнахит. Аха амза 18 изақәдыршәеи? Избанзар жәабран 19 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысуан асессиа Аԥсны автономиак аҳасабала Қарҭ алалара атәы зыӡбараны иҟаз. Аԥсны акәзар уи заанаҵы еиҿыркаахьан Қарҭҟа ирыдыркыларц, аха амза 19 рзы ишьақәдырӷәӷәар акәын. Аизара амҩаԥшаразы жәаа рзы еизеит, уи иҳанаҳәо рацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ишәаҳар шәылшоит.