Британиа Урыстәыла иахырҟьаны Арктика ар рыҟазаара еиҳанатәуеит

Уаанӡа, Британиатәи арратә усбарҭа аиҳабы иҳәахьан Brexit ашьҭахь, Лондон "арратә мчра шьҭыхтәуп" ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Великобританиа атәылахьчара аминистр Гевин Уилиамсон аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла арратә мчра Арктика рыҟазаара ишацнаҵо "НАТО аҩадатәи афланг" Урыстәыла аҟынтәи ахьчаразы. Абри атәы аанацҳаит агазеҭ Telegraph.

Аминистр абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Норвегиа иҟоу британиатәи арратә базаҿ иҟазаараан.

Уилиамсон иажәақәа рыла зықьҩык инареиҳаны амшынуаа есышықәса норвегиатәи амшынуааи дареи еинырны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит. Аминистр иазгәеиҭеит аҳаирпланқәа P-8 "Посейдон" ҽааны Арктика аҵара-ԥыррақәа мҩаԥыргараны иҟоуп ҳәа.

"Аҵааршә ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны ҳалшарақәа еиӷьаҳтәуеит, Норвегиа еиԥш уи иазҟазоу ҳрывагыланы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагалоит", - иҳәеит аминистр.

Агазеҭ ишаҩуа ала аҳаирпланқәа "Посейдон" 2020 шықәса рзы шотландиатәи Лоссимут игыло британиатәи аҳаиртә базахь инеиуеит, Аҩадатәи Атлантика аҵакыраҿ аԥшыхәратә ԥыррақәа мҩаԥыргалоит. Дара ирхықәкы хадоу британиатәи атомтә мшынаҵатәиӷбақәа рыхьчароуп.

Гевин Уилиамсон Урыстәыла аганахь ала лассы-лассы дмақаруеит, аӡбахә аҳәара бзиа ибоит.

Лондон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Уилиамсон иажәақәа агәҭынчымра рызцәырнагоит. Аҳәынҭқарратә дума алахәыла Александр Шерин иакәзар иазгәеиҭоит британиатәи аминистр иажәақәа аҩныҵҟатәи азыӡырыҩцәа роуп изызку ҳәа.