Арадио

Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иира амш - аԥсуа жәлар рмилаҭтә ныҳәоуп

Дырмит Гәлиа 145 шықәса ихыҵра ҳтәылаҿы ишазгәаҭахо, иара илагала ҳмилаҭҭә культураҿы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҟазараҭҵааҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.
Sputnik
Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иира амш - аԥсуа жәлар рмилаҭтә ныҳәоуп

"Дырмит Гәлиа даниз аҽны – ари иира амш ныҳәа мацараӡам, ари аԥсуа жәлар рмилаҭтә ныҳәоуп, избанзар аԥуса жәлар ркультура иамшны иҟоуп, абри амш аҽноуп ҳаԥсҭазаара зегьы, ҳашәҟәҩыра зынӡа даҽа хырхарҭак анаиу. Ишырҳәо еиԥш "алшьцара аҟнытә алашарахь" акультура зегьы андәықәла, убри зегьы зыдҳәалоу Дырмит Гәлиа иоуп.  Убри аҟнытә сгәы иаанагоит ари милаҭтә ныҳәак иаҩызоуп ҳәа. Ари амш аҽны ишаԥу еиԥш Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ишьҭаҵахоит ашәҭқәа, анаҩс иара иҩны-амузеи аҿы ихацыркхоит игәалшәара иазку ахәылԥаз", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.