Порошенко инапы аҵаиҩит Украина Евроеидгылахь ахы шхоу шьақәзырӷәӷәо азакәан

Аконституциа аԥсахрақәа рылагалараз аӡбра адгылара аҭан Иреиҳаӡоу арада аилатәараҿы. Уи азы рыбжьы рҭиит иахәҭоу 300-ҩык рцынхәрас 334-ҩык апарламентарицәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Украина ахада Пиотр Порошенко Иреиҳаӡоу арадаҿ иқәгылараан инапы аҵаиҩит Украина НАТОи Евроеидгылеи рахь ахы шхоу шьақәзырӷәӷәо азакәан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Адокумент азинмчра аиуеит иара аофициалтә прессаҿы ианкьыԥхалак адырҩаҽны.

Украина Евроеидгылеи НАТОи рылаларазы Аконституциа еиҭанакит

Порошенко уаанӡа Арада ажәадгала аиҭахьан Аконституциа ахәҭаҷқәа рҟны ԥсахрыла иарбазарц "Украина европатәи аҭаацәара алахәылара шалнахыз" иара убасгьы атәыла НАТО алалара ишазыхиоу. Аҳәынҭқарра аполитикаҿы азакәан ишьақәнаргыло ахырхарҭа иқәныҟәалароуп атәыла ахада иеиԥш аминистрцәа реилазаареи Иреиҳаӡоу арадеи.

Пиотр Порошенко иҳәеит Донбасс имҩаԥысуаз аибашьра ишалаӡыз 2949-ҩык Украина аруаа.

"2949-ҩык аруаа рхы ақәырҵеит ҳара аҳәынҭқарра аиҭакра ҳалҳаршарц. Уи аҩыза алшара арӡшьа амам", - иҳәеит Порошенко.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Андерс Фог Расмуссен уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Украина алианс иалаларц азы аамҭа маҷымкәа изҭаху еиуеиԥшым аҩаӡарақәа ирызнеироуп ҳәа. Аекспертцәа ражәаәқа рыла, Украина иааиуа аҩажәа шықәса рыбжьара НАТО алалара алшартә еиԥш иҟам.

Евроеидгыла акомиссар Иоханнес Хан иакәзаргьы, Украина Евроеидгылаҿы аҟазаара макьаназы изаацәоуп ҳәа далацәажәоит.