Шьамтәылеи Ираки рҟынтәи ацәгьоуцәа Афганисҭан "ахаб" еиҿыркаауеит

Шьамтәылеи Ираки рҟынтәи ибналаз, "Исламское государство" иалахәыз ацәгьоуцәа-атеррористцәа Афганисҭан "ахаб" еиҿыркаауеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ИАР атерроризм иаҿагыло Ацентр аиҳабы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Ихьыԥшым Атәылақәа Реидгыла аҳәынҭқаррақәа рҟны атерроризм иаҿагыло Ацентр аиҳабы Андреи Новиков аҳәамҭа ҟаиҵеит Афганисҭан 20 инареиҳаны террористтә гәыԥ шыҟоу азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Афганисҭан 20 инареиҳаны террористтә гәыԥ еиҿкаауп. Дара идеологиалеи политикатә қәыԥшылареи еиуеиԥшым. Ринтересқәа ракәзаргьы аивыгара рымоуп. Еидызкыло ацәгьоуратә хықәкқәа роуп", - ҳәа иҳәоит Новиков ИАР атәылақәа рҟны атерроризм иаҿагыло Ацентрқәа рнапхгаҩцәа реилацәажәараан.

Алагер Рукбан аҟынтәи ахҵәацәа рзы агуманитартә коридорқәа ҩба еиҿыркааит

Иара игәаанагарала, ашәарҭадаратә усбарҭақәеи амаҵзура ҷыдақәеи Шьамтәыла-Ирактәии Афгано-Пакистантәии аҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит акыр иуадаҩу ҳәа.

"Ари азыԥхьагәаҭара шьақәырӷәӷәахеит ИГИЛ еиԥш иҟоу егьырҭ атеррористтә гәыԥқәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵразы аинформациа шышьақәырӷәӷәахаз еиԥш. Аҭагылазаашьа иалнаршоит Афганисҭан атеррористтә "хаб" аҟалара", - иҳәеит иара.

Новиков уи адагьы иазгәеиҭеит ИГИЛ аидеологцәа ирыладырҵәо апроект ҿыц "новая хиджра" ИАР аҳәынҭқаррақәа рыҩныҵҟа атеррористтә шәарҭара ашьақәгылара мзызны иаиур шалшо.

Аилацәажәара иалахәын ИАР атәылақәа: Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларусиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Урыстәыла, Таджикистан, Туркмениа, Узбекистан рхаҭарнакцәа.