Forbes Урыстәыла амиллиардқәа змоу аҩбатәи аԥҳәыс лыхьӡ аҳәеит

Урыстәыла амиллиардқәа змоу аҩбатәи аԥҳәыс еиҿылкааз аилахәыра Wildberries сынтәа аԥшьбатәи аҭыԥ ннакылеит Рунет аилахәырақәа рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Татиана Бакальчук, амаҭәа аинтернет-дәқьан Wildberries аԥшәма, амиллиардқәа змоу урыстәылатәи ԥҳәысуп ҳәа аанацҳауеит ажурнал Forbes.

Аилахәыра Wildberries амазара иартәоит 1,2 миллиард доллар.

Шықәсык аԥхьа Бакальчук 600 миллион доллар лыманы Урыстәыла еиҳа ибеиоу ауаа рсиа данын.

Занааҭла Бакальчук — англыз бызшәа дарҵаҩуп. Wildberries 2004 шықәса рзы лзаҵеи лареи ишьаҭадыркит, акаталогқәа Otto; Quelle рҟынтәи амаҭәа рҭиуан. Есымза рыдәқьан иаҭаауеит 60 миллионҩык ауааԥсыра.

Урыстәыла реиҳа ибеиу ԥҳәысны дшьоуп аилахәыра Inteco Management апрезидент Елена Батурина. 2018 шықәса рзы Forbes агәаанагарала лара Урыстәыла реиҳа ибеиоу 25-ҩык аҳәса рреитинг ахадараҿ дыҟан.