Амина зҵаз амашьына ԥжәеит Шьамтәыла, 15 –ҩык ҭахеит

Шьамтәыла анапхгара ргәаанагарала атеракт ҟазҵаз шьамтәылатәи акурдцәа рхыхьчаратә мчқәа роуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Апровинциа Деир-ез-Зор, Шьамтәыла мрагыларатәи ахәҭа аҿы амина зҵаз амашьына ԥжәеит, 15-ҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Hawarnews адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Амашьынала имҩасуан аль-Омар анефҭҵхырҭа аусуҩцәа. Иара аиланхарҭа аш-Шхиль ахәышәтәырҭа аҿаԥхьа игылан.

Агазеҭ Milliyet адыррақәа рыла Шьамтәыла анапхгара ргәаанагарала атеракт ҟазҵаз шьамтәылатәи акурдцәа рхыхьчаратә мчқәа роуп. Арҭ амчрақәа Анкара террористтә еиҿкаараны иршьоит.