Арадио

Аргәын: ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа аусурҭатә ҭыԥқәа роур, рхала рхы рбартә иҟалоит

Ауаажәларратә агәыҳалаларатә еиҿкаара "Кьараз" ԥхьаҟа асоциалтә цхыраараҿы иалкаан иамоу апрограммақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аиҿкаара анагӡаратә директор Кадыр Агәын.
Sputnik
Аргәын: ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа аусурҭатә ҭыԥқәа роур, рхала рхы рбартә иҟалоит

"Адунеи аҟны агәыҳалалратә еиҿкаарақәа аусура ахьымҩаԥырго ицәырыргоит азҵаара зҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа ршьапы иқәгыларцаз ирыҭатәу ацхыраара. Иахьа ҭаацәацыԥхьаӡа аусурҭа ҭыԥла еиқәымшәозар, еснагь ауаа урҭ ацхыраара рырҭалаӡом, уи зегьы аамҭалоуп. Иахьа ҳҭаацәарақәа аусура роур, рхала рхы рбартә еиԥш иҟалоит. Адунеизегьтәи аиҿкаарақәа рахь ашәҟәқәа ҳуит агрант ҳасабала ацхыраара ҳаурц", - ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.