Арадио

Асҭамыр Ҭарба ахҳәаа азыҟаиҵеит Жәлар реизараҿы излацәажәоз анефт азҵаара

Аграртә политикеи аԥсабаратә малқәеи аекологиеи рзы Жәлар реизара аилак ахантәаҩы Асҭамыр Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахҳәаа азыҟаиҵеит Жәлар реизараҿы излацәажәоз анефт азҵаара.
Sputnik
Асҭамыр Ҭарба ахҳәаа азыҟаиҵеит Жәлар реизараҿы излацәажәоз анефт азҵаара

"Жәлар реизара аилатәараҿы ҳахәаԥшуан ҩ-қәҵарак рыпроектк. Актәи – Алмас Џьапуа ипроект, аҩбатәи  - аграртә политикеи аԥсабаратә малқәеи аекологиеи рзы аилак иазнархиаз. Рыҩбагь абжьыҭирахь ирыдгалан адепутатцәа, аха рыҩбагь зымцеит. Аилатәара аанкылан, ашәахьаҽны иацҵазарц азыӡбаны. Усҟан ҳаилак еиҭах ицәырнагоит азҵаара акомиссиа аԥҵаразы. Иахьа аҩпроект рҿы аҩбатәи апунктқәа рҿы иарбаз азҵаара еиқәшәомыз. Актәи аҿы иаҳәон акомиссиа аус ауанаҵы, анефт аҵхразы имҩаԥысуа аусқәа зегьы аанкылазарц акомиссиа агәаҭара мҩаԥнагаанӡа. Аҩбатәи аҿы -акомиссиа шьақәырӷәӷәаны аусура шцалац ицалартә еиԥш ҳәа азгәаҭан. Аха аҩпроект адепутатцәа рганахьала аилкаара амаиут", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.