Лавров Sputnik-и RT-и рганахьала Франциа ахымҩаԥгашьазы игәаанагара иҳәеит

2018 шықәса абҵарамзазы Франциа ахада иаԥшьгарала ирыдыркылеит "Аинформациа аманипулиациа азура аҿагыларазы" азакәанԥҵаратә актқәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аимак-аиҿактә клуб "Валдай" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз урыстәыла-виетнамтәи аконференциаҿы дазааҭгылеит амаҵзурақәа Sputnik, RT Франциа русура, иагьазгәеиҭеит Париж АИХ русуразы ахатә гәаанагара амоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр излеиҳәо ала, АИХ аусура аҭышәныртәалара ауниверсалтә принципқәеи жәларбжьаратәи азин апринципқәеи шьаҭас ирымазар ауп. "Аха Франциа арҭ апринципқәа дара ирыӡбаз аԥҟарақәа рылоуп ишеилыркаауа", - иҳәоит иара.

Иара иажәақәа рыла RT, Sputnik Елисеитәи ахан ахь аума, акрызҵазкуаны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рахь аума инарыԥхьом.

Захарова: ОБСЕ ахь ҳашшуеит Парижтәи ақәгыларақәа "Кремль анапы" иахьадырҳәало азы

2017 шықәса абҵарамзазы Европарламент урыстәылатәи АИХ рҿагыларазы арезолиуциа аднакылеит, убри аан реиҳа ишәарҭоу ҳәа рыӡбахә ҳәан Sputnik, RT.

Франциа ахадас Еммануель Макрон даналырх ашьҭахь, адәныҟатәи аусқәа рминистрра Sputnik France, RT раккредитациа аҿҳәара иацимҵеит.

2018 шықәса абҵарамзазы Франциа ирыдыркылеит "Аинформациа аманипулиациа азура аҿагыларазы" азакәанԥҵаратә актқәа. Дара азырхиан атәыла ахада иаԥшьгарала.