ЕАА Рконгресс Урыстәыла иаҿагыло асанкциа ҿыцқәа рзы азакәан апроект аднакылеит

Еиду Америкатәи Аштатқәа Рконгресс аҳәамҭа ҟанаҵеит «Владимир Путин имазареи иактивқәеи» рзы аҳасабырба аиура шагәҭаку.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 27 — Sputnik. Урыстәыла аганахь ала асанкциа ҿыцқәа ралагалара иазырхоe ирҿыцу азакәан апроект (Defending American Security from Kremlin Aggression Act, DASKA) кьыԥхьуп ЕАА Аконгресс асаит аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ЕАА Урыстәыла асанкциақәа рхыхра шалымшо атәы рҳәеит

Адокумент азакәаншьаҭа аҭаны  Урыстәыла ауал ҿыц аганахьала аилаӡарақәа ааннакылоит. Азакәан амчра аиуеит иара анрыдыркыла ашьҭахь 90-мшы шааҵлак.

Асанкциақәа рзынархахоит, ЕАА адыррақәа рыла "Урыстәыла аиҳабыра аҽа тәылак аҿы имҩаԥысуа алхрақәа рыҽрылархәра" иацхраауа афинанстә еиҿкаарақәа.

Азакәан анрыдыркылалак ашьҭахь ауснагӡатә ҷыдақәа рзынархахоит "Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала иԥианы ма иԥиамкәа акоррупциатә схемақәа ирылахәу аполитикатә фигурақәеи аолигархцәеи" ҳәа арбоуп апрект атекст аҿы.

Аԥшьгара авторцәас иамоуп Линдси Греми Кори Гарднери (ареспубликатә партиаҿынтә),  Роберт Менендези, Бен Кардини, Џьин Шахини (адемократиатә партиаҿынтә).