Трамп КНДР аекономика ацхыраара дшадгыло атәы иҳәеит

ЕАА ахада Дональд Трампи КНДР ахадаКим Чен Ыни асаммит аҩбатәи амш мҩаԥыргоит. Аԥшьашаҽны аиҿцәажәарақәа ирзырхахоит хә-сааҭк аамҭа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Америка ахада Дональд Трамп "КНДР економикатә ҳәынҭқарра дуны аҟаҵара" дшацхраауа атәы иҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара "КНДР економикатә ҳәынҭқарра дуны аҟаҵара ацхыраара аҭара сазыхиоуп", - ҳәа иҳәеит иара Ким Чен Ын иԥылараан.

Трамп китаитәи атауарқәа абаџь рықәҵара ааникылеит

Уаанӡа, ахашаҽны Дональд Трампи Ким Чен Ыни 2,5 сааҭ рҟынӡа ицоз аиԥылара мҩаԥыргеит.

Аиԥылараан Трамп иазгәеиҭеит КНДР аекономикатә лшара дуқәа амоуп ҳәа, иагьазгәеиҭеит ЕАА урҭ рынагӡара ишазыхиоу. Ким Чен Ын иакәзар, агәрахаҵара ааирԥшит ауаа ззыԥшу алҵшәақәа зегь аԥсҭазаара иаларҵәахап ҳәа.

Аиԥылара аихшьаалақәа дрылацәажәо ЕАА ахада иҳәеит урҭ даара хра рыманы ишымҩаԥысыз.