Трампи Чен Ыни асаммит аихшьаалақәа рыла изеиқәшаҳаҭымхеит

ЕАА ахада Дональд Трампи КНДР ахада Ким Чен Ыни реиԥылара иазыԥхьагәаҭаз аамҭа нҵәаанӡа ихдыркәшеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Трампи Чен Ыни асаммит аихшьаалақәа рыла изеиқәшаҳаҭымхеит, реиԥылара иазыԥхьагәаҭаз аамҭа нҵәаанӡа ихдыркәшеит. Иара убри аан аиԥылара хра аламызт ҳәа узҳәом - абас аанацҳауеит РИА Новости, Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ Сара Сандерс лажаәқәа ҵаҵӷәыс иганы.

Трамп КНДР аекономика ацхыраара дшадгыло атәы иҳәеит

"Атәылақәа рхадацәа аденуклеаризациа атәы иалацәажәеит", — лҳәеит Сандерс.

Лара лажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭхара изазкылымсыр, ԥхьаҟа еиҭеиԥылараны иҟоуп.

Уаанӡа  Ким Чен Ын иҳәахьан аденуклеаризациа дшадгыло.

Ахашаҽны Дональд Трампи Ким Чен Ыни 2,5 сааҭ рҟынӡа ицоз аиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылараан  Трамп иазгәеиҭеит КНДР аекономикатә лшара дуқәа амоуп ҳәа, иагьазгәеиҭеит ЕАА урҭ рынагӡара ишазыхиоу. Ким Чен Ын иакәзар, агәрахаҵара ааирԥшит ауаа ззыԥшу алҵшәақәа зегь аԥсҭазаара иаларҵәахап ҳәа.