Урыстәыла аҳәаа иадырбалеит иԥшыхәуаз америкатәи аҳаирплан

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аԥшыхәра мҩаԥызго аҳәаанырцәтәи аҳаирпланқәа, еиҳаракгьы америкатәиқәа, лассы-лассы Урыстәыла аҳәаа ааигәара ирбоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. ЕАА арра-ҳаиртә мчрақәа рҳаирплан Boeing P-8A Poseidon, иара убасгьы аԥшыхәратә ҳаирплан Boeing RC-135V Rivet Joint, Урыстәыла иахьаҵанакуа Балтикатәи амшыни Амшынеиқәеи рыԥшаҳәатә ҵакыра ҭарыԥшыхәуан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амониторингтә ресурс PlaneRadar адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

PlaneRadar ишаҳәо ала, аҳаирплан Boeing P-8A Poseidon ВМС США (LD-764 VP-26), аномер 168764 шьҭыԥрааит италиатәи аҳаиртә база Сигонелла аҟынтәи. Иара аԥхьа игәарҭеит Болгариа аҳаиртә ҵакыраҿы, уи ашьҭахь - Амшын еиқәа аҵакыраҿы. Асааҭ 19:05 рзы иара абазахь ихынҳәит. Аԥшыхәратә ҳаирплан Boeing RC-135V Rivet Joint британиатәи аҳаиртә базаҟынтәи ишьҭыԥрааны Калининградтәи аобласт аҳәааҵакыраҿ аԥшыхәрақәа мҩаԥнагон.