"Аиаша ҳҳәозар, ҳара лассы-ласс иҳаԥсахуеит ақыҭанхамҩа аминистрцәа. Ари даара ибзиам, избанзар анкетақәа хаҳарҭәаауан, ақыҭақәа рҟны иаҳҭаху ҳәа, аӡәы иҿы инықәаҳҵон, уажәшьҭа дҳацхраап анҳгәахәуаз, уи иҭыԥаҟны даҽаӡәы днеиуан. Ақыҭанхамҩа аминистр дазықәԥозароуп ақыҭақәа рыҿиара, ибиуџьет еихшаны зегьы рыҭара. Анаплак маҷқәа аҭахуп ҳәа ҳәара агым, аха ақыҭанхамҩа аганахьала акредит агара ауам ақыҭауаа рзы. Уи аӡәык-ҩыџьак 200-500 нызқь рырҭазар, хәҩык-быжьҩык рхы еидкыланы ҩба-хԥа миллион рырҭартә ирзеиҿымкааит. Ҳара иҳаҩхьан ашәыр, ауҭраҭых рааӡаразы апроектқәа, абанк аҟынтәи ацхыраара ҳарҭарц ҳрыҳәахьан. Абанк аҟны даҭахын ахәдықәҵара ҟазҵоз ахаҿы. Ус еиԥш ақыҭаҿы иҟалароуп ҳәа сыԥхьаӡоит, ахеилак. Жәаҩык-жохәҩык еидызкыло ақыҭа ахеилак ирдыруеит аԥара зыҭатәу, изыхәҭамгьы. Ақыҭа анапхгаҩы идыруазароуп досу дзызку. Ақыҭатә хеилак еизаны хәдықәҵара ҟанаҵароуп аԥара зырҭо ауаҩы изы, иамур, ҳара иаҳшәароуп ҳәа иқәгылароуп. Ус еиԥш ақьаад абанк иаҵанакыртә азы адепутатцәа срацәажәон, аха уи азҵаара аӡәгьы иқәимаргылаӡеит", - иҳәеит Џьениа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.