Арадио

Сангәлиа ақыҭаҟны ацәгьоурақәа ирызкны: иахьатәи асистема ишахәҭоу аус ауӡом

Изыҿиазеи акриминал аԥсуа қыҭақәа рҿы, авба зҭатәыда уи азы? Аҭаацәа ахшара рааӡара хырҩа азыруама, аҳәынҭқарра амч кәадахама? Абарҭ азҵаарақәа рзы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа.
Sputnik
Сангәлиа ақыҭаҟны ацәгьоурақәа ирызкны: иахьатәи асистема ишахәҭоу аус ауӡом

"Са сгәаанагарала, уи (ацәгьоура - аред.) зыхҟьақәо рацәоуп - аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ, аусурҭа аҟамзаара. Ауаҩы усда данынхалак, иҽеим ахь дианагар ауеит. Ахдыррагьы, аҳәынҭқарра ацхыраарагьы акыр аҵанакуеит ари аус арҽеираҟны. Ақыҭаҟны иҟаҵатәуп аусурҭа ҭыԥқәа. Ауаҩы шьыжьха ыфаны уаҳа ҟаҵа имаӡам. Џьара дынҭыҵны, уск уны иҭаацәа ныҟәигартә иҟаҵатәуп. Аҿаргьы аусура рымазар, ацәгьа иахнагон. Абри азҵаараҟны аҭаацәа вба дук рыдызбалом, аҳәынҭқарра асистема иахьа ишахәҭоу аус ауӡом, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иҵегьы аусура еиӷьхароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Сангәлиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.