Хәажәкыра ааба рзы иреиӷьу ахархәагатә ҳамҭақәа рреитинг

Асиаҿ иреиӷьу ҳамҭаны ишьоуп асмарт-сааҭ Samsung Galaxy Watch.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik. Аекспертцәа ишьақәдыргылеит хәажәкыра ааба аныҳәаз аҭыԥҳацәа рзы иреиӷьу атехнологиатә ҳамҭақәа  рреитинг ҳәа аанацҳауеит апортал iReactor.

Хәажәкыра ааба аныҳәаз аҭыԥҳацәа рзы иреиӷьу атехнологиатә ҳамҭақәа  рреитинг асиаҿ аԥхьа игылоуп аџьармыкьахь еиуеиԥшым аԥшшәхәқәа рыла ицәыргоу асааҭ Samsung Galaxy Watch.

Хәажәкыра ааба рзы иреиӷьу ахархәагатә ҳамҭақәа рреитинг

Аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит амультиеиҵаҵагатә хархәага Rivacase. Иара жәабала астандарт Qi зхы иазырхәо асмартфонқәа ирнаалоит.

ТОП-7 аҿы ахԥатәи ацәаҳәаҿы игылоуп асмартфон Honor 20 View, афирма Sony аҟынтә ҩбаны иҟоу акамера IMX586 змоу. Зхаҭабзиара ҳараку афотосахьақәа ҳаҭыр рықәызҵо аҭыԥҳацәа ари аҩыза аҳамҭа ргәаԥхашт, избанзар акамера адагьы иԥсабаратәым аинтеллект змоу ахархәагатә система ацуп.

Хәажәкыра ааба рзы иреиӷьу ахархәагатә ҳамҭақәа рреитинг

Асиа ианылеит иара убас атрекер Honor Band 3; аа-сааҭк рҟынӡа амузыка азыӡырыҩрразы амикрофонони абатареиеи зцу, ҳадатәи алымҳахаҵа Beats BeatsX; асмарт-сааҭ Apple Watch Nike+; аконтроллер Rainbo DualShock.

Хәажәкыра ааба рзы иреиӷьу ахархәагатә ҳамҭақәа рреитинг