Адунеиаҿ реиҳа иԥшӡоу аҭыԥқәа рреитинг шьақәыргылоуп

Stasher онлаин-сервис ишьақәнаргылеит адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу аҭыԥқәа 99 рреитинг.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу ҭыԥны ишьоуп Севилиа иҟоу Испаниа ашҭа ҳәа азгәанаҭоит Stasher.

Урыстәылауаа еиҳа аԥсшьара ахьырҭаху атәылақәа хәба ирылоуп Аԥсны

Дарбанызаалак аныҟәаҩ хымԥада дызҭаараны иахәҭоу аҭыԥ блахкыгақәа раԥхьатәи ажәаба рахь иаҵанакит:

• ашьха Маттерхорн (Швеицариа),

• аҭоурыхтә парк Пиу-диу-Фу (Франциа),

• Кордоватәи аџьаама (Испанииа),

• ашеих Заид иџьаама ду (Абу-Даби),

• Ван Гог имузеи (Амстердам, Нидерланды),

• Аӡиа Жәҩангәыԥшшәыла (Исландиа),

• Акрополь (Афины),

Аԥсны зегь раасҭа имарианы уԥсы ахьушьо ҭыԥуп

• Венгериатәи апарламент ахыбра (Будапешт),

• Амилаҭтә парк Греит-Смоки-Маунтинс (ЕАА).

Асиахь иаҵанакит Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә ермитаж. Иара 25-тәи аҭыԥ ннакылеит.

Ареитинг ашьақәыргылараан аналитикцәа азхьаԥшра арҭон атуристцәа рыхҳәаақәа, аҿаҵаратә саитқәа рҟны аобиектқәа рыхәшьарақәа, ршәарҭадара, Instagram аҿы рыӡбахә аҳәара.