АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Москва инхо ауаҩԥсы абанк аҿтәи иԥхьаӡамҭаҟынтәи жәа-миллион мааҭ аԥара игеит иара ԥшрала даараӡа иеиԥшыз даҽаӡәы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аԥхасҭа зауз ахаҵа азинхьчаратә усбарҭақәа рахь арзаҳал неишьҭит. Иара иазгәеиҭеит ацәыӡ шиоуз атәы шеиликааз абанк амобилтә цҵа данҭала ашьҭахь.
Абанк ашәарҭадара адепартамент аиҳабы ишьақәиргылеит ажьырныҳәа 22 рзы абанк ахь дышнеиз ацәыӡ зауз иԥшра зыԥшраз ахаҿы, ацәыӡ зауз итәылауаҩшәҟәала аԥара шамихыз.
Азинхьчаратә усбарҭақәа аусҭҵаара мҩаԥыргоит.