2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа

Асиахь иаҵанакит аилахәырақәа Samsung, Huawei, Motorola, Google, OnePlus ирҭыжьымҭо асмартфонқәеи акорпорациа Apple аҟынтәи асмартфонқәеи.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik. Аҭыжьымҭа Business Insider иакьыԥхьит 2019 шықәсазы аҭирахь инаргап ҳәа еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа рсиа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Samsung Galaxy Fold еикәаԥсо аекран амоуп. Уи иахырҟьаны асмартфонтә ҟазшьеи апланшет ҟазшьеи еиццәырнагоит. Ахәԥса 2000 доллар (130 000 мааҭ) рҟынӡа инаӡоит.

2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа

Иара убасгьы аҭыжьымҭа азхьаԥшра анаҭеит Samsung Galaxy Note 10. Иара, Galaxy S асериа иатәу аекран иаҿурԥшуазар еиҳа еиҳауп. Асмартфон ҿыц аӡыргара иазыԥшуп аԥхынра анҵәамҭазы.

2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа

Асмартфон Huawei MateX, Samsung Galaxy Fold акыр еиԥшуп. Ишазыԥхьагәаҭо ала Mate X ахәԥса 2,6 нызқь доллар (170 000 мааҭ ) итәар алшоит.

2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа

Motorola Razr, 2000-тәи ашықәсқәа раан акыр ирылаҵәаны иҟаз, аҽарҿыцуеит ҳәа аҩуеит Business Insider. Ахәԥса 1,5 нызқь доллар (100 000 мааҭ) инаӡоит.

2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа

Google Pixel 3 Lite, Pixel 3 иаверсиахоит. Ахәԥса 749 доллар раҟара ҟалоит (50 нызқь мааҭ).

2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа

OnePlus 7, OnePlus 6T иашьҭарақәлаҩхоит. Шьаҭаны иазыҟалоит Qualcomm Snapdragon 855 апроцессор.

2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа

Асиахь иаҵанакит аилахәыра Apple атехникагьы. Америкатәи акорпорациа иагәҭакуп 2019 шықәса рзы iPhone ҿыцқәа хԥа рҭыжьра, iPhone XR, iPhone XS, iPhone XS Max ирышьҭрақәлаҩхо.

2019 шықәсазы еиҳа иззыԥшу асмартфонқәа