Арадио

Чачхалиа Аԥсны аҳ Баграт изку иочерк азы: ҳҳәынҭқарцәа реихьӡара иашала аарԥшра сашьҭоуп

Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩы Денис Чачхалиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аԥсуа аҳ Баграт а-II-тәи изку иҭоурыхтә очерк аҩраан хықәкыс имаз, ихы иаирхәаз ахыҵхырҭақәа ртәы.
Sputnik
Чачхалиа Аԥсны аҳ Баграт изку иочерк азы: ҳҳәынҭқарцәа реихьӡара иашала аарԥшра сашьҭоуп

"Сара аҭоурых аҭҵаара саҿуижьҭеи шьҭа 40 шықәса инархыҳәҳәоит. Ари аамҭа аҩныҵаҟа еиуеиԥшым аҩымҭақәа ҭсыжьхьеит: алитература, аҭоурых, аҟазара, анаука ирызкны. Аха есымша сгәы  иҭан уаанӡа иҳамаз аԥсуа ҳәынҭқарразы агәаанагара шьаҭанкыла изыԥсахша, ари иашаӡамызт ҳәа ззырҳәоз ҳҳәынҭқарцәа ирымаз аихьӡарақәа акультураҟны, аҳәынҭқарратә ргылараҟны ҳара иааҳаҵахны егьырҭ рхы иадырҵаз аарԥшра. Аиаша аарԥшразы ахыҵхырҭақәа срышьҭын. Еиҳарак ауаҩы дзықәгәыӷша ҳәа иҟоу ахыҵхырҭақәа аԥсуа ҳәынҭқарра аҩныҵаҟа ирыҩуаз роуп. Анҵамҭақәа ҟарҵон ақырҭуа, абырзен, аерман бызшәақәа рыла. Ермантәыла адгьылҵакырақәа ԥыҭк усҟан аԥсуа ҳәынҭқарра иалан. Сышәҟәы аҟны схы иасырхәеит уаанӡа шамахамзар ахархәара змамыз ахыҵхырҭақәагьы. Аԥхьаҟа абри еиԥшны исыҩуа аочеркқәа рзгьы ихәарҭахоит урҭ. Еиҳаракгьы зыӡбахә сымоу усҟантәи аамҭазы Шьамтәыла инхоз Иаҳиа Антиохиатәи иҩымҭақәа роуп, иара Византиа аҳәынҭқарра анапаҵаҟа аофициалла ари аус иаҿыз иоуп, инҵамҭақәа акыр рыҵаркуеит аиашара аганахьала", - иҳәеит Чачхалиа.

Москва аҭыжьырҭа "АКВА-Абаза" аҟны иҭыҵит Денис Чачхалиа иҭоурыхтә очерк "Аԥсны аҳра. Баграт а-II-тәи иаамҭа.978-1014ш."

Ари аҭҵаараҟны аԥсуа аҳ Баграт а-II-тәи ихаҭареи уи иаамҭеи аарԥшуп Аԥсны аҳра ахаан Византиатәи, араб, аерман ашықәсынҵаҩцәа  ианырҵоз аҭоурыхқәа ҳасаб рзуны.