Израильтәи аҳаир мчқәа Хамас абаза иажәлеит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ЕАА "ашәышықәсатә еилаӡара" архиара иаҿуп, аха макьаназы уи аганқәа зегь ныҭкааны ирылацәажәам.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Израиль арра-ҳаиртә мчрақәа асектар Газ иҟоу Хамас абаза иажәлеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Амаҵзура акорреспондент илала ибеит асектор Газ агәҭаҿы иҟоу абаза "Бадр" аҳаирпланқәа шалахысуаз. Ааха зауз ҳәа аӡәгьы иӡбахә ҳәам.

Израильтәи аофициалтә хаҿқәа ажәылара макьаназ хҳәаа арымҭацт.

Асектор Газ абомбалажьра еиҳарак имҩаԥыргоит палестинаа аҳәаа арԥжәагатә пышҭақәа рахыжьра аҭакс.