Арадио

Лашәриа Искандер иажәеинраалақәа реиҭагаразы: ибжьы салакьысуазшәа шәаӡыӡарак сымоуп

Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Фазиль Искандер иажәеинраалақәа акы-ҩба аԥсшәахь еиҭеигар шыиҭаху.
Sputnik
Лашәриа Искандер иажәеинраалақәа реиҭагаразы: ибжьы салакьысуазшәа шәаӡыӡарак сымоуп

Адунеи аҟны зыхьӡ еицырдырыз ашәҟәыҩҩ ду Фазиль Искандер диижьҭеи иахьа 90 шықәса ҵит.

"Фазиль ақәра ԥыҭк ныиҵит, аха ҳара ҳзы зегьы акоуп дуаҩы гәлымҵәахны ауп  дшаанхо. Фазиль дуаҩ гәыҭбаан, иара ихәыцшьа, идунеидкылашьа ҭбаан, ихшыҩ ӷәӷәан. Уи адунеитә культура, апоезиа, адоуҳа шәага-загас иҟоу зегьы ихаҿы инеигахьан, убасҟак аԥсҭазаара инарҵауланы идикылахьан. Фазиль аӡәы иласымҵоз уаҩын сара сзы. Иара дгуманистын, дышәҟәыҩҩ дуун. Ҳарҵага шәҟәқәа рҟны иҩымҭақәа реиҭагара ыҟазароуп. Сара уажәы зны-зынла исзыгәаӷьуам Фазиль иажәеинраалақәа реиҭагара, ибжьы саҳауашәа, ибжьы салакьысуазшәа абасшәа шәаӡыӡарак сымоуп. Сгәы иҭоуп урҭ акы-ҩба еиҭазгап ҳәа ҳаԥхьаҟа", - иҳәеит Лашәриа.

Шәызыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.