Арадио

Жорданиа "Ицәажәо анбан" иазкны: алагара гәаӷьыуацәан

Апроект "Ицәажәо алфавит" аус адулара шцоз, насгьы ахәыҷкәа аԥсшәа дырҵаразы быжь сааҭк зымҽхазкыз авидеонҵамҭа шаҟа ирманшәалан иҟаҵоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит апроект автор, актиор Џьамбул Жорданиа.
Sputnik
Жорданиа "Ицәажәо анбан" иазкны: алагара гәаӷьыуацәан

"Апроект "Ицәажәо алфавит" аидеиа сызцәырҵыижьҭеи акрааҵуан, аха алагара сзыгәыӷьуамызт. Ишеиҿыскааша сыздыруамызт, алшарагьы усҟак ыҟамызт. Аусура хсыркәшеит, уажәы ахы инаркны аҵыхәанӡа иагу гәаҭаны, нас ахатәы бызшәа арҿиаразы аилак ирысҭар сҭахуп, анаҩс дара аредакциа аназыруалак ашьҭахь, аларҵәаразы азин ҟалоит. Абас еиԥш апроектқәа иахәҭоу усуп", - ҳәа азгәеиҭеит Жорданиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.