АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥшьашаҽны иаалырҟьаны иҟалаз амшцәгьа инадҳәаланы Шәача ауааԥсыра ргәы рҽанызарц рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Адырра ҟаҵоуп аԥшаӷьы асыр шауа, иара убас ашьхарахь аҵааӷәӷәара ҟалар шалшо азы.
"Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа агәҽанҵара ҟанаҵоит хәажәкыра 7 актәи азыбжаз ашьхарԥқәа иахьыргәыҵакуи еиҳа иахьылаҟәу аҭыԥқәеи рҿы асы бааӡа леир шалшо, аҵлақәеи афымцатә ҳақәеи ахьанҭарала ирԥырхагахар шауа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы ашьхатә курорттә ҭыԥқәа рҿы арҭ амшқәа рзы асынаҟә леир ауеит.
АҶА аусзуҩцәа абжьгара ҟарҵоит ашьхаҟа ацара зыгәҭаку уи мап ацәыркразы.