Приморие ахада дазыхиоуп Жан-Мишель Кусто иааираҿы ацхыраара иҭара

Уаанӡа Жан-Мишель Кустои иара иколлегацәа-аҵарауааи урыстәылатәи амчрақәа рахь аҳәара ҟарҵеит Приморие, ашыцәа "Средняя" аҿы иаанкыланы иҟоу аԥсыӡжәлақәа аокеан ахь иоурышьҭырц.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра  7– Sputnik. Приморие ахада Олег Кожемиако иҳәеит еицырдыруа аокеанограф Жак-Ив Кусто иԥа - аокеанқәа ҭызҵаауа аҵарауаҩ Жан-Мишель Кусто уахь инеираан ацхыраара иҭара дшазыхиоу азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Приморие ахадараҿ иазгәарҭеит  асеиԥш хыԥхьаӡара рацәала амшынтә ԥстәқәа аԥсабарахь роужьразы аԥышәа шрымам.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит жәларбжьаратәи аекспертцәа, аҟазауаа ргәаанагара. Ҳара иахәҭоу аԥышәа ҳамам. Ацхыраара аауеит  ақыҭажәҵысқәеи абырзалқәеи рҭагылазаашьа ахәшьара аҭараҿы", - ҳәа иҳәеит Кожемиако.

Уаанӡа  Владимир Путин ақыҭанхамҩа аминистрреи аԥсабара аминистрреи рнапы ианиҵахьан хәажәкыра 1 аҟынӡа аҵарауаа алархәны ашыцәа "Средняя" аҿы иҟоу амшынԥстәқәа рлахьынҵа рыӡбарц.

"Акитқәа рбахҭа" аӡбахә рылаҵәеит Greenpeace Урыстәылантәи Китаиҟа закәаншьаҭада зхыԥхьаӡара маҷу аԥсыӡжәла – ақыҭажәҵыс ҟаԥшьқәа рыҭира алшар ҟалоит ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа ашьҭахь.