"Ашәҭқәа аҳәса рзы зегьы иреиӷьу ҳамаҭаны сахәаԥшуеит. Ҳара ԥшьҩык аӡӷабцәа ҳрааӡон аҩнаҭаҿы. Схы сгәалашәонаҵы ҳаб ари амш аҽны еснагь аҳамҭақәа ҳзыҟаиҵон, ҳаизҳацыԥхьаӡа аҳамҭақәа рҽырыԥсахуан, аха иҟамлацызт ныҳәак ҳамҭада, ус еиԥш иҳазҳаит. Анаҩс ҳҩызцәа, ҳусураҿы еснагь ашәҭқәа ҳарҭоит. Сара сгәы иаанагоит ауаҩы шәҭызаҵәык акәзаргьы гәаартыла иануиҭо убри зегьы ирыцкуп ҳәа. Сҩызцәа, саҳәшьцәа, аус зцызуа, зегьы ирыдысныҳәалоит хәажәкыра ааба. Ирзеиӷьасшьоит ақәҿиара бзиақәа, рнапы злаку аус аҿы аманшәалара, ҳанеибабо аамҭазы еснагь ҳала ччалааит!" – азгәалҭеит Шьаҟрылԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.