"Аԥсшьаҩцәа ирҭахны аԥсуа қыҭақәа рахь ицоит, аԥсуа культура, аԥсуа ҵасқәа, ақьабзқәа, ҳчеиџьыка уҳәа егьырҭ ажәларқәа ҳазлареиԥшым рбар рҭахуп. Убри аҟнытә ақыҭатә атуризм аҿиара бзиа амоуп ҳәа сгәы иаанагоит, иуадаҩым ари аус алыршара. Ҳара иҳамоуп амшын аҟәараҿы иҟоу ақыҭақәа, урҭ аԥсшьаҩцәа маҷымкәагьы ирҭаауеит, уи иабзоураны рекономикатә ҭагылазаашьагьы бзиоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атурист ашьхатә қыҭақәа рахьгьы ихы ирхо далагеит. Уи азы амҩақәа, афымцалашара уҳәа хшыҩзышьҭра рыҭатәуп. Атуризм иабзоураны аԥсуа қыҭа аԥсы еивнагар алшоит, аха уи азы ишахәҭоу еиԥш зегьы ԥҟарала еиқәыршәатәуп. Атурист аԥацхаҿы ихы шымҩаԥигаша, ачеиџьыка пату шақәҵатәу идыруазароуп, абри зегьы џьара иарбаны иҟазар, дара аԥхьалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.