Арадио

Аршба: Аԥсны ақыҭатә туризм ҿиар алшоит

Ҳазыхиоума иааиуа атуристтә сезон, иарбан мзызқәоу ибзиан имҩасырц азы анырра ҟазҵо уҳәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы далацәажәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аинформациа аиқәыршәареи аӡыргаратә политикеи рыҟәша ахада Саид Аршба.
Sputnik
Аршба: Аԥсны ақыҭатә туризм ҿиар алшоит

"2018 шықәса рзы Аԥсны иаҭааит миллионк рҟынӡа аԥсшьаҩцәа, атуризм аганахьала уи иаҳнаҭеит миллиардки хәышә миллион мааҭи инацны. Уи акырӡа еиҳауп иҳаҩсыз асезон аасҭа. Аԥсныҟа лассы-лассы атуристцәа ааларц азы иҟоуп хшыҩзышьҭра зҭатәу афакторқәа. Раԥхьа инаргыланы, аҭагылазаашьа маншәалазароуп аҳәааҿы, иахьа аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа анырацәоу, афакторқәа маҷымкәа анырра арҭоит. Ашәарҭадара, ахаҭабзиара, амаҵзура ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭатәуп. Аҳәынҭқарра абри аганахьала Аԥсны ахьыӡ аҭгаразы аус аулароуп. Ақыҭатә туризм иалшо рацәоуп, аха уи ииашан амҩа иқәҵатәуп, ус анакәымха, аԥсуа қыҭа ахаҿра ҳцәыӡыргьы алшоит. Атурист ҳтәылаҿы ихы шымҩаԥигаша иазку аԥҟарақәа ыҟоуп, урҭ амҩақәҵагақәа зегьы рҿы иаҳкьыԥхьуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аршба.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.