The Telegraph: Brexit иахырҟьаны Тереза Меи лыдгылаҩцәа маҷхеит

Уаанӡа Евроеидгыла  аиҳабыра аҳәамҭа ҟарҵахьан хәажәкыра 29 рзы иазыԥхьагәаҭаз Евроеидгыла алҵра апроцедура аҿҳәара ииагахар алшоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Великобританиа аԥыза-министр Тереза Меи атәыла аминистрцәа реилазаара алахәылацәа лыдгылара мап ацәыркит, Brexit иахырҟьаны аҭыԥ змоу акризис азы ҳәа аанацҳауеит RT, аҭыжьымҭа The Telegraph адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа аинформациала, британиатәи аминистрцәа Меи ԥхынгәымза иахымгакәа лықәҵразы иқәгылоит, Аконсервативтә партиа ахада ҿыц аиҿцәажәарақәа рзы аамҭа иоуразы.

Агазеҭ ишаҳәо ала, Британиа аиҳабыра рҿы ҩыџьа аминистрцәа заҵәык роуп Меи илыдгыло ҳәа иаанханы иҟоу.

Уаанӡа Евроеидгыла аиҳабыра аҳәамҭа ҟарҵахьан хәажәкыра 29 рзы иазыԥхьагәаҭаз Евроеидгыла алҵра апроцедура ԥхынгәымзаҟа аҿҳәара ииагахар алшоит ҳәа.