Арадио

Лашәриа Иуа Коӷониа изы: аԥсуа поезиаҟны дцәырҵаанӡа "аԥсаатә шәаҳәомызт, ажәҩан еҵәадан"

Иуа Коӷониа иқәраҟны еиԥш зылшаз, зышьҭамҭа апоезиаҟны ӷәӷәала иаанзыжьыз адунеи аҟны аҿырԥштәқәа маҷӡоуп иҳәеит арадио Sputnik аҟны Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
Sputnik
Лашәриа Иуа Коӷониа изы: аԥсуа поезиаҟны дцәырҵаанӡа "аԥсаатә шәаҳәомызт, ажәҩан еҵәадан"

"Иҵит 115 шықәса аԥсуа поезиа аклассик Иуа Абас- ипа Коӷониа диижьҭеи. Убарҭ рахьтә иара 24 шықәса роуп иниҵаз. Уамашәа иаамҭа ацара, аццакра иныԥшуан данқәыԥшыз инаркны. Илирикатә жәеинраалак аҿы џьара иҩуеит:

"Сыҷкәыноуп, ҵоуп, макьана,

Аха иахьоуп уи, уаҵәоуп,

Уаҵәашьҭахь – ашьыбжьышьҭахь,

Сызҳашт, иахьа еиԥш субаӡом!…

Еҳ, аамҭа, аамҭа,

Умгәаҟын уара,

Исцәыумган асааҭқәа

Лассы-ласс уара!"

Абас зыҩуаз апоет усҟан ҩажәа шықәса ихыҵуан. Адунеитә поезиаҟны имаҷӡоуп, ҩыџьа-хҩы роуп Иуа иқәра иҭагыланы, поет ҳасабала иара илшаз зылшаз, зышьҭамҭа иахьагьы-уаҵәгьы апоезиаҟны иаанзыжьыз. Иуа Коӷониа ҩ-жанрк рҟны аус иуан: алирика, аепос. Иара аԥсуа поезиаҟны дцәырҵаанӡа, исахьаркны иуҳәозар, аԥсаатә шәаҳәаӡомызт, ажәҩан аеҵәақәа кыдмызт, иара ииҳәаз аӡәгьы имҳәацызт убас исахьаркны, хашҭра ақәымкәа", - ҳәа азгәеиҭеит Лашәриа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.