Аԥсшьарамшқәа раан иарбан қалақьқәоу зҭаара ахәҭаны иԥхьаӡоу

Аԥсшьарамшқәа раан иарбан европатәи қалақьу еиҳа узҭааша ҳәа асиа шьақәыргылоуп есышықәсатәи ахарџьқәа рбарометр Post Office Travel Money адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Ареитинг аҿы аԥыжәара аиуитг Литва аҳҭнықалақь Вильниус, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости The Sun адыррақәа рыла.

Аԥсшьарамшқәа Вильниус иухугарц азы 170 евро (12,5 нызқь мааҭ ) уҭаххоит.

Ари аԥхьаӡарахь иаҵанакуеит аныхрақәа 12 категориа: хымштәи аԥхьара, ҩыџьа рзы уаххьа, арыжәтә, аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара, ақалақьтә транспорт ахархәара.

Аҩбатәи аҭыԥ анашьоуп Сербиа аҳҭнықалақь Белград - 175 евро (12,9 нызқь мааҭ).

Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит Варшава - 185 евро (13,7 нызқь мааҭ).

Еиҳа ибиуџьеттәу ахырхарҭақәа ирыҵакуп Москва –217 евро, ма 16 000 мааҭ.