Меи: Британиа ду Евроеидгыла иалҵыр алшоит хәажәкыра 29 рзы

Уаанӡа британиатәи Апарламент абжьыҭира мҩаԥнагахьан еиқәшаҳаҭрада Евроеидгыла алҵра иаҿагыланы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Великобританиа аԥыза-министр Тереза Меи апарламент аҿы ирылалҳәеит рыбжьыҭира Британиа 2019 шықәса хәажәкыра 29 рзы Евроеидгыла алҵра ишаԥырхагам. Абри атәы аҳәоит РИА Новости.

Евроеидгыла аӡбрала Британиа иалшоит аидгыла алҵразы азыҳәа архынҳәра

"Иахьатәи абжьыҭира Британиа 2019 шықәса хәажәкыра 29 рзы Евроеидгыла алҵра иаԥырхагам. Ҳара ҳвариантқәа шыҟаз еиԥш иаанхоит", - лҳәеит Меи.

Лара илҳәеит аԥшьашаҽны апарламент Brexit аҿҳәара ацҵаразы абжьыҭира мҩаԥнагараны ишыҟоу, уаҟа аӡбра ҵоурахар, аҵыхәтәантәи ажәа Евроеидгыла ишатәхо.

Лара иара убасгьы илҳәеит Евроеидгыла ԥхьаҟатәи аиҿцәажәарақәа рылахәра шагәҭакым.

Великобританиеи Евроеидгылеи рыбжьара иазыԥхьагәаҭоуп 2019 шықәса хәажәкыра 29 инаркны 2020 шықәса анҵәамҭаӡа аиасратә аамҭа. Абри аамҭаан атәыла Евроеидгыла азакәанԥҵара иқәныҟәалоит, ԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа аус рыднаулоит.

Абри аиасратә аамҭа аҿҳәара инахахар алшоит.