Аџьаама иажәлаз рабџьар қырҭбызшәала аҩырақәа анын

Зеландиа Ҿыц аполициа рхада Маик Буш аҳәамҭа ҟаиҵеит аџьаама ақәлараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 49-ҩык ҟалахьеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15– Sputnik. Краистчерчтәи аџьаама иажәлаз ацәгьоуцәа рабџьар еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аԥсылман тәылақәа ирҿагыланы иеибашьуаз ахадацәеи арратә напхгаҩцәеи рыхьӡқәа зныԥшуа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла аҩырақәа рнын. Урҭ руак қырҭбызшәала иҩын ҳәа аҩуеит Daily Мail.

Зеландиа Ҿыц аџьаама ақәлараан иҭахеит 49-ҩык ауааԥсыра

Икьыԥхьу асахьақәа руак аҿы иубоит шәыга шкәакәала қырҭбызшәала абџьар ианын Қырҭтәыла аҳәынҭқар Давид Агмашенебелии аҳкәажә Ҭамара лхаҵа Давид Сослани рыхьӡқәа.

Иара убасгьы Османаа ирҿагылоз Марко Милианова, британиатәи адмирал Едвард Кодрингтон, австриатәи афельдмаршал Ернст Штаремберг рыхьыӡқәагьы убоит.

Ахәаша, хәажәкыра 15 рзы Краистчерч аџьаамақәа ҩба рҿы ажәылара аҭыԥ аман. Иҭахеит 49-ҩык ауааԥсыра, ахәрақәа роуит 39-ҩык.

Зеландиа Ҿыц, Краистчерч аџьаамақәа ҩба рҟны хәажәкыра 15 рзы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны хҩык ахацәеи ԥҳәыски аанкылоуп.

Зеландиа Ҿыц аԥыза-министр Џьасинда Ардерн ахҭыс терактуп ҳәа ахиҳәааит.