Бразилиа НАТО алаларазы Трамп иидеиа аҭак ҟанаҵеит Урыстәыла

ЕАА ахада Дональд Трамп Бразилиа ахада Жаиро Болсонару хәажәкыра 19 рзы даниԥылоз иазгәеиҭеит Бразилиа НАТО алахәыла-тәыла астатус аиура дшадгыло.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. ЕАА Европатәи аҩызцәа аршанхашт Дональд Трамп Бразилиа НАТО иаланы дахьахәаԥшуа ҳәа иҳәеит урыстәылатәи асенатор Алексеи Пушков.

"ЕАА Европатәи аҩызцәа аршанхашт Дональд Трамп Бразилиа НАТО иалахәыланы дахьахәаԥшуа. Ус анакәха НАТО ахьӡгьы еиҭактәхоит НСАТО (North & SouthAtlanticTreatyOrganisation ҳәа). Уажәшьҭа Латинтәи Америкаҟа "адемократиа аекспорт" мҩаԥыргалааит", - ҳәа иҩуеит Пушков Twitter аҿы.

ЕАА ахада Дональд Трамп Бразилиа ахада Жаиро Болсонару хәажәкыра 19 рзы Вашингтон аиԥылара рыман. Аиԥылараан ЕАА ахада Дональд Трамп Бразилиа ахада Жаиро Болсонару иеиҳәеит Бразилиа НАТО алахәыла-тәыла астатус ма уи еиԥшу аҽа статуск аиур алшоит ҳәа.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков Америка ахада иҳәамҭа ахҳәаа аҭо иазгәеиҭеит аббревиатура НАТО ахьӡ ахырхарҭа аанарԥшуеит ҳәа.