Арадио

Сангәлиа апиеса "Мазлоу зегьы злоу" азы: ҳтеатр арепертуар иалалоит

Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр арежиссиор хада Сырбеи Сангәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атеатр ашьаҭаркҩы Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса аҵра инамаданы иқәдыргылаз апиеса "Мазлоу зегьы злоу" атәы.
Sputnik
Сангәлиа апиеса "Мазлоу зегьы злоу" азы: ҳтеатр арепертуар иалалоит

"Тҟәарчалтәи акомедиатә театр актиорцәа уалԥшьаны иҳаԥхьаӡеит Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса аҵра инамаданы ипиесақәа ирылхны аспектакль ықәыргылара, иагьалаҳхит иҩымҭа "Мазлоу зегьы злоу". Ақәыргыламҭа Аԥсны араионқәа ақыҭақәеи рҿы ҳахәмарларц, ахәаԥшцәа ирызнаҳгарц ҳгәы иҭоуп, ари гәаларшәагахоит аиҳабыратә абиԥара рзы, аҿар ракәзар, ддырдырхоит Шәарах Ԥачалиа. Аспектакль ҳалагаанӡа, иаазыркьаҿны иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, аԥсуа театр азы илшамҭақәеи ртәы иалацәажәахоит. Избан "Мазлоу зегьы злоу" залаҳхыз ҳәа шәҵаауазар,  ари апиеса ҳтеатр иаҳа иақәшәошәа ҳбеит, атема иахьатәи аамҭаз даара актуалра амоуп. Ари ақәыргыламҭа аԥсуа хәаԥшцәа ирбахьеит, Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿы иқәдыргылахьан, режиссиорс даман Дмитри Кәартаа. Ақәыргыламҭа апремиера ҟаҳҵахьеит, иара атеатр арепертуар иалалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Сангәлиа.        

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.