Ҟазахсҭан ахада ҿыц аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит

Ҟазахсҭан ахада ҿыцс дҟалеит атәыла апарламент аиҳабы Касым-Жомарт Токаев. Иара атәыла ахадас дыҟазаауеит Нурсултан Назарбаев имаз аҿҳәара аамҭаҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Касым-Жомарт Токаев, Нурсултан Назарбаев иҭыԥ аҿы дзыԥсахыз, ахаша, хәажәкыра 20 рзы ареспублика ажәлар рҿаԥхьа ҭоуба шьҭеиҵеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Казахстан.

Ҟазахсҭан ахада имаҵзура нижьит

"Ҟазахсҭан ажәлар шәҿаԥхьа ҭоуба шьҭасҵоит Аконституциеи Ареспублика Ҟазахсҭан азакәанқәеи сышрықәныҟәо азы, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи сышрыдгыло азы, Ареспублика Ҟазахсҭан ахадак иҳасаб ала исыдло аҭакԥхықәрақәа ламысцқьала ишынасыгӡало азы", - ҳәа иҳәеит Токаев.

Токаев иқәгылараан иазгәеиҭеит Ҟазахсҭан иахьа иамоу аҩаӡара ҳарак аҟазаара алзыршаз атәыла актәи ахада Нурсултан Назарбаев шиакәу.

Ҟазахсҭан ахада ҿыцс дҟалеит атәыла апарламент аиҳабы Касым-Жомарт Токаев. Иара атәыла ахадас дыҟазаауеит Нурсултан Назарбаев имаз аҿҳәара аамҭаҟынӡа (2020 шықәсанӡа).

Нурсултан Назарбаев Ҟазахсҭан ашәарҭадаратә Хеилак ахантәаҩык, апартиа Nur Otan ахантәаҩыки, ареспублика Аконституциатә хеилак алахәылак рыҳасаб ала инапынҵақәа шынеигӡац инеигӡалоит.