Арадио

Қацәба еиҭеиҳәеит "Аинари" Липецктәи асахьаҭыхратә школи реимадара алҵшәақәа ртәы

Хәажәкыра 22 рзы Аҟәа, арҿиаратә ҩны "Аинар" аҿы имҩаԥысран иҟоуп Липецктәи асахьаҭыхратә школи арҿиаратә ҩны русеицура иахылҿиааз ацәыргақәа. абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба.
Sputnik
Қацәба еиҭеиҳәеит "Аинари" Липецктәи асахьаҭыхратә школи реимадара алҵшәақәа ртәы

"Уажәазы иааҳаԥхьо асахьаҭыхратә школ Урыстәыла иреиӷьӡақәоу асахьаҭыхратә школқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан иаҳхысыз ашықәсан. Уа аус зуа аԥышәа ду змоу рҵаҩцәоуп, урҭ рԥышәа рымдара ҳара ҳзы лшара дуны сахәаԥшуеит. Уажәы еиҿкаахо ацәыргақәҵаҿы иӡыргахоит 100 усумҭак: 40 аагахоит Липецкынтәи. Аԥсныҟа раара азгәаҭоуп Липецктәи асахьыҭыхратә школ аиҳабы Ирина Кошелиаевеи, акультура департамент ахаҭарнак Оксана Бахаевеи. Анаҩс Липецктәи арҿиаратә ҩныи "Аинари" ҳаимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҭагалан иазԥхьагәаҳҭар ҳҭахуп дара рырҵаҩцәеи ҳара харҵаҩцәеи рзы апленер, уигьы хәарҭа духоит ҳәа сахәаԥшуеит. Избанзар асахьаҭыхыҩ ианакәзаалакгьы ихы аус адиулозар ауп, дааҟәымҵӡакәа аҵара иҵозар ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Қацәба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.