"Ахәыҷқәа аԥсшьарахь ианцо аламҭалаз аҭаацәа реизара мҩаԥаагоит. Усҟан дара адырра раҳҭоит ахәыҷқәа хылаԥшрада иаанырмыжьырц, аус руазаргьы, урҭ гәцаракны ирымазарц. Ахәыҷқәа амҩаду ианымхалароуп, адҵақәа рырҭалароуп, уи аҩнус иадҳәалазаргьы. Ҳәарада, алшара рымазар, ақыҭақәа рахь ирышьҭларц. Ақалақь аҩныҵҟа иҟоу ашколқәа рырҵаҩцәеи рҵаҩцәеи ирымоуп аимадара, дара рдыррақәа аизырҳареи рыԥсшьараамҭеи еиларыгӡоит. Ицоит амузеиқәеи ацәыргақәҵақәеи рахь, еиҿыркаауеит аныҟәарақәа, ус еиԥш аԥсшьара зегьы иреиӷьу ауп. Анаҩс аԥсшьараамҭа ашьҭахь ахәыҷқәа ашкол ахь ианыхынҳәлак адҵа раҳҭоит - ахыҭҳәаа аҩразы. Ахәычқәа сара џьаргьы сыҟаӡамызт зҳәогьы дыҟоуп. Уи рыцҳара дууп, ахәыҷы иҭаацәа аусура ианцо, иара аҩны даныҩнахо", - ҳәа азгәалҭеит Лариса Хаҳәбиаԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.