Вышински ихы дахлафааит

Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински изакәанымкәа иаанкылараз аппелиациатә шшыԥхьыӡ хәажәкыра 20 рзы инашьҭын Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә палатахь.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Кирилл Вышински, Киевтәи абахҭаҟынтә иҩызцәа, Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра "Россия сегодня" аҟны аус зуа иколлегацәа ихы дахьахлафаауа асалам шәҟәы рзиҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Киевынтәи салам шәымаз! Ҩ-шьаҿак роуп сыҩнынӡа ибжьоу. Анекдот "Уаанӡа абахҭа аҿаԥхьа дынхон, уажәы иҩнаԥхьа дынхоит" ҳәа ззырҳәо сара соуп", - иҩуеит иара.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Украина Иреиҳаӡоу ахашшааратә ӡбарҭа Вышински иус иахәаԥшуеит

Вышински ихы дахлафааит

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.