Аџьапуа: ҳаҩнаҭаҟноуп амузыка агәыбылра ахьыскыз
© Sputnik
"Анцәа имчала, 80 шықәса схыҵит ҳәа сгәы иаҳәом. Аԥсҭазаараҟны акыр ҳхаагахьеит, аха ҳазхылҵыз убас еиԥш абзиабара ду аԥсадгьыл, абызшәа, ауаа рахь иҳаларааӡеит, иҟалап уи акәзар сышықәсқәа ргәаҭаха сызымҭо. Ҳаҩнаҭаҟны, аԥсуа ҩнаҭақәа рҟнеиԥш ачеиџьыка, аԥсуара бзиа ирбон, насгьы қәаршҩык иазмырхәашьо ацыха ӡыхь иаҩызоу Отаԥ ақыҭа сааӡеит сара. Саб ҵарада ахшыҩ змоу ҳәа ззырҳәо ауаа дреиуан, деицырдыруан, сан ашәаҳәаҩцәа дрылиааит, санду ачамгәыр аларҳәон, ҳаҩнаҭаҟны амузыка агәыбылра скит, избанзар ашәала сааӡан", - иҳәеит Аџьапуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәыдаагалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.