Арадио

Кәакәасқьыр: Гал араион ахәыҷқәа аԥсшәа ҵаны рҵаҩцәас аусура иалагар рҭахуп

Гал араион аҿы аԥсшәа арҵара апроцесс шымҩаԥысуеи, уи азҵаатәы иадҳәалоу ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Галтәи абжьаратә школ №2 адиректор Ахра Кәакәасқьыр.
Sputnik
Кәакәасқьыр: Гал араион ахәыҷқәа аԥсшәа ҵаны рҵаҩцәас аусура иалагар рҭахуп

"Гал ус зуа 45-ҩык аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа рҟнытә Гал инхо, уа ииз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, аха аҭыԥантәи ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа ҵаны рҵаҩцәас аусура алагара гәҭакыс ирымоуп, ус еиԥш аҭагылазаашьа аҟалара иалагахьеит. 18 шықәса раԥхьа сара раԥхьаӡа акәны Гал араион аҿы саннеи, аурок мҩаԥызгоит ҳәа акласс саныҩнала, Галынтәи ахәыҷқәа абызшәа рҵаны, ауниверситет иалганы, нас Галҟа еиҭахынҳәуеит ашколқәа рҿы аԥсшәа дырҵара ҳәа сарҳәазҭгьы, мамзаргьы ахәыҷқәа даргьы саргьы ҳааидтәаланы ҩба-хԥа ҳәоу еибаҳҳәоит ҳәа аӡәы исеиҳәазҭгьы, ихы аҭыԥ аҟны иҟам ҳәа иасҳәарын. Аха иахьа аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, 18 шықәса раԥхьа илаҳҵаз маҷ-маҷ алҵшәа аиуа иалагеит", - азгәеиҭеит Кәакәасқьыр. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.