Арадио

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Гал еиҿкаау апты адкыларҭатә ҭыԥқәа рахь инеирц зылшо

Аԥсны араионқәа рҿы амармалташьтә пты аидкылара аус шцо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба.
Sputnik
Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Гал еиҿкаау апты адкыларҭатә ҭыԥқәа рахь инеирц зылшо

"Ҷыдала еиҿкаау агәыԥ иааиуеит есжәамш апты ахьрыдыркыло аҭыԥ аҿы. Ауааԥсыра еизыргаз, ақыҭа дахьатәу, дахьиз, шаҟа ааигаз уҳәа зегьы ашәҟәы иҭаргалоит, анаҩс инапаҿы иоуеит аԥара. Анхаҩы адкыларҭатә ҭыԥ ахь дааир илшоит иарбанзаалак араион аҟынтә. Аха уи азы ҭахра ыҟам ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, акомиссиа апты рыдыркылалоит еиуеиԥшым араионқәа рҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.